Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Робин Данниган Қырҭтәыла даҭааит
Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Робин Данниган Қырҭтәыла даҭааит

Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Робин Данниган Қырҭтәыла даҭааит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.

Робин Данниган Қырҭтәыла Америка ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Келли Дегнан лцынхәрас.

Уаанӡа Робин Данниган Ацентртәи Мрагыларатәи Европа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩс аус луан. 2018-2021 шықәсқәа рзы Австриа иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыҧуаҩс дыҟан.

Данниган Аҳәынҭқарратә департаментаҿ аус луан  1992 шықәса инаркны.  2014-2017 шықәсқәа рзы Аҳәынҭқарратә департамент аенергетикатә ресурсқәа рзы абиуро аҿы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩс дыҟан.

Иара убас, Данниган Виетнами, Чилии, Ҭырқәтәылеи, Кубеи, Сальвадори иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы аус луан.