«Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазымҩыц аганқәа зегьы даҽазнык ирыбжьаагоит аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц, избанзар зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра иҭбазаароуп, уи аҵакы ду амоуп. Насгьы, аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз апартиақәа аҭакҧхықәра рхы адырҵеит адокумент аҭагылазаашьақәа зегьы рынагӡаразы», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
Келли Дегнан лажәақәа рыла, мшаҧы 19 рзы аганқәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра — атәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгаразы зегьы иреиҕьу напхгагоуп.
«Иҟаҵаз аҳәамҭақәа зегьы рҿы Қырҭтәыла аҩызцәа лабҿаба аадырҧшит аиқәшаҳаҭра алҵра иазкны «Ақырҭуа гәахәтәы» ирыдыркылаз аӡбара шыргәамҧхо. Қырҭтәыла апартиарацәаратә реформақәа мҩаҧгазароуп. Аиқәшаҳаҭра амч амазаауеит ҳәа сгәыҕуеит, избанзар уи ақырҭуа лидерцәа хымҧада имҩаҧыргараны иҟоу ареформақәа рзы иреиҕьу напхгагоуп. Аганқәа зегьы рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа нарыгӡароуп. Дара намысла аиқәшаҳаҭра шынарыгӡо азы ажәа шьҭарҵеит. Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз аганқәа адокумент аҭагылазаашьақәа шынарымгӡо ҳбаанӡа, асанкциақәа рылацәажәара заацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Дегнан.