Келли Дегнан - Қырҭтәыла агепатит С аҿагылара апрогамма анагӡарала адунеи аҿы иҿырԥшыгахеит, ари ЕАШ-и Қырҭтәылеи апартниорра ӷәӷәа шрыбжьоу аанарԥшуеит
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лажәақәа рыла, Қырҭтәыла агепатит С аҿагылара апрогамма анагӡарала адунеи аҿы иҿырԥшыгахеитю
Аацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла имҩаԥгаз агепатит С аелиминациа апрограмма дахцәажәеит. Дегнан лажәақәа рыла, ари ЕАШ-и Қырҭтәылеи ауаажәларратә гәабзиара ахырхарҭала апартниорра ӷәӷәа шрыбжьоу аанарԥшуеит.
“Апрограмма иалагаанӡа 150 00-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа ари ачымазарала игәаҟуан, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зҽызыхәшәтәуаз атәылауаа 98% ачымазара иалҵит. Ари идуӡӡоу ақәҿиароуп.
Қырҭтәыла агепатит С аҿагылара апрогамма анагӡарала адунеи аҿы иҿырԥшыгахеит, ари ЕАШ-и Қырҭтәылеи ауаажәларратә гәабзиара ахырхарҭала апартниорра ӷәӷәа шрыбжьоу аанарԥшуеи,” – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан агепатит С аелиминациа аҳәынҭқарратә программа алҵшәақәа ирызку аӡыргара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.