Келли Дегнан - Нед Праис иҟынтә еилышәкааит Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы Вашингтон ибзиаҵәҟьаны ишырдыруа, дара рыхшыҩ азышьҭны ахҭысқәа зегьы ирыцклаҧшуеит
«Қырҭтәыла Америказы крызҵазкәа партниоруп, ҳара ари атәыла ақәҿиара амазар ҳҭахуп», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
Лара лажәақәа рыла, иацы Америка Аҳәынҭқарратә департамент аофициалтә хаҭарнак ишьақәирҕәҕәеит дара Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы хыршыҩ азышьҭны ишрыцклаҧшуа.
«Сара, Америка ацҳаражәҳәаҩ лҳасабала, азҵаарақәа аҭак рыҭара сазыхиоуп. Қырҭтәылаҿ Америка аусура иазку азҵарақәа зегьы аҭак рысҭар сҭахуп. Ҳара евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ауааҧсыра ҳрыцхрааарц азоуп абра ҳзыҟоу. Нед Праис иҟынтә еилышәкааит Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы Вашингтон ибзиаҵәҟьаны ишырдыруа, дара рыхшыҩ азышьҭны апроцессқәа зегьы ирыцклаҧшуеит. Қырҭтәыла Америказы крызҵазкәа партниоруп, ҳара ари атәыла ақәҿиара амазар ҳҭахуп. Убри азоуп аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла абас ҳзацхраауаз», — илҳәеит Келли Дегнан.