Келли Дегнан - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҿы зкариера иалагоз апарламент алахәылацәақәак арҭ аиҿкаарақәа имҩаҧырго аусура бзиа иахьа акритика шазыруа анызбо агәыҩбара сызцәырҵуеит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҿы зкариера иалагоз апарламент алахәылацәақәак арҭ аиҿкаарақәа имҩаҧырго аусура бзиа иахьа акритика шазыруа анызбо агәыҩбара сызцәырҵуеит , — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
Келли Дегнан адепутат Иракли Заркуа асенатор Џьин Шаҳин илызкны иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Лара лажәақәа рыла, ари аҳәамҭа «иахәҭаӡамкәа» иҟаҵан.
«Дарбанызаалак ақырҭуак даҽаӡәы абас дихцәажәомызт ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аҳәамҭа «иахәҭаӡамкәа» иҟаҵан, ақырҭуаа реиҳара уи еилыркаауеит. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура аанкылара иазку ажәалагала кремльтәи арҵагашәҟәқәа рҟынтә иаагоушәа сгәы иабоит, Урыстәылоуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа абас иахьрызныҟәо. Сгәы ишаанаго ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла имҩаҧгаз аусура уи акәӡам изызкыз. Қырҭтәыла арегионқәа рҿы саныҟаз лабҿаба избеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи атәылауаҩратә уаажәларреи крызҵазкәа аусура шымҩаҧырго. Дара атәыла ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәраҿы ирыцхраауеит, ари атәылеи ауаажәларреи иаҳа еиҕьхар рҭахуп.
Убри азоуп ҳара иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа еиҿызкаауа ақырҭуаа ҳазрыдгыло. Зны-зынла уамашәа избоит, избанзар, адепутатцәа реиҳара рполитикатә кариера иалагон иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҿы, дара Қырҭтәыла аҿиараҿы алагала ҟарҵон. Убри аҟынтә, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҿы зкариера иалагоз апарламент алахәылацәақәак арҭ аиҿкаарақәа имҩаҧырго аусура бзиа иахьа акритика шазыруа анызбо агәыҩбара сызцәырҵуеит», — илҳәеит Келли Дегнан.