Келли Дегнан – Иахьатәи амши 2019 ашықәсеи излеиҧшым иҟоуп, Урыстәыла Украина иажәылеит, џьоукы агәымбылџьбаратә агрессор иҟынтә аҳамҭа иақәшаҳаҭхараны изыҟоу сзеилкаауам
«Џьоукы агәымбылџьбаратә агрессор иҟынтә аҳамҭа иақәшаҳаҭхараны изыҟоу сзеилкаауам», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Кели Дегнан.
Лара лажәақәа рыла, ари азҵаара аҵакы ду амоуп.
«Аҧырра азин зырҭаз авиаеилахәырақәа ирызку аинформациа зымбацт. Уи аҵакы ду амоуп арҭ аилахәырақәа асанкциақәа рықәу ирықәыму аилкааразы. Ашәарҭадара аганахьалагьы апроблемақәа иҟоуп, асанкциақәа рсиа иалоу аҳаирпланқәа атехникатә ганахьала еиқәыршәам, уигьы иазҧхьагәаҭатәуп. Иахьатәи амши 2019 ашықәсеи излеиҧшым иҟоуп, Урыстәыла Украина иажәылеит, Ҟрым ашьҭахь иҵегьы ҧхьаҟа ицеит, Украина иаҿагыланы ашьаарҵәыратә, агәымбылџьбаратә еибашьра иалагеит. Зеиҧшҟамлац урыстәылатәи ажәылара агәылара иҟоу Украина ахьыҧшымра арбгароуп изызку. Абри ауп 2019 шықәса ашьҭахь иҟалаз. Џьоукы агәымбылџьбаратә агрессор иҟынтә аҳамҭа иақәшаҳаҭхараны изыҟоу сзеилкаауам. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Келли Дегнан.