Келли Дегнан – Иахьа атәыла ахада ашьҭымҭа ҕәҕәа ҟалҵеит, лажәахә ссирын ҳәа сгәы иаанагоит
Келли Дегнан – Иахьа атәыла ахада ашьҭымҭа ҕәҕәа ҟалҵеит, лажәахә ссирын ҳәа сгәы иаанагоит

«Иахьа атәыла ахада ашьҭымҭа ҕәҕәа ҟалҵеит, лажәахә ссирын ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили есышықәсатәи лажәахә данахцәажәоз.

Америка ацҳаражәҳәаҩ лҳәамҭала,  Саломе Зурабишвили арегион аҿы аҭышәынтәаларагьы далацәажәеит. Дегнан лажәақәа рыла, аҭышәынтәалара аиқәыршәара ҟалоит акомпромисси, адиалоги, аусеицуреи, аизыӡырҩреи ала.

«Иахьа атәыла ахада ашьҭымҭа ҕәҕәа ҟалҵеит, лажәахә ссирын ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, лара иаҵшьны иазгәалҭеит иахьа Қырҭтәыла анапхгаратә партиеи, аоппозициеи,  аукраин жәлар адгылара ҕәҕәа рзаазырҧшыз ақырҭуа жәлари ракзаара  аҵакы ҷыда шамоу.

Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа арыцҳара иҭагылан, ақырҭуаа уи хаан ирҳашҭуам,  ақырҭуа жәлар аукраинаа ишрыдгыло аабеит, атәыла ахада лықәгылараангьы уи лабҿаба иубарҭан. Иара убас, лара арегион аҿы аҭышәынтәаларагьы далацәажәеит. Аҭышәынтәалара аиқәыршәара ҟалоит акомпромисси, адиалоги, аусеицуреи, аизыӡырҩреи ала. Лара иишаны илҳәеит —  акзаароуп мчыс иҟоу», — илҳәеит  Келли Дегнан.