Келли Дегнан – Иацтәи аинцидент Америка ахьыҧшымра амш иазкыз ауснагӡатә аҵанарӡит, уи хәыҷык ҳгәы канажьит
«Иацтәи аинцидент Америка ахьыҧшымра амш иазкыз ауснагӡатә ссир аҵанарӡит, уи хәыҷык ҳгәы канажьит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
Келли Дегнан иацтәи аинцицдент иазкны ианлазҵаа, абас аҭак ҟалҵеит:
«Ҳара аинформациа зегьы аҭҵаара ҳаҿуп. Иҟалаз афакт иадҳәаланы аӡбаратә процесс иалагоу иаламгоу ҳаздырӡом. Аха, иааҧҵәаны исҳәар сылшоит ҳара амчылара ҳшақәшаҳаҭым. Амч ахархәарала ауаҩы изинқәа рыларҟәра ҟалом. Иацы, иџьоушьаша ауснагӡатә ссир ҳаман, ақырҭуааа рацәа сасра иаҳҭааит. Ҳара даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахын евроатлантикатә ҽазышәарақәа рзы реидгылара аҵакы ду шамоу. Аха, иацтәи аинцидент Америка ахьыҧшымра амш иазкыз ауснагӡатә аҵанарӡит, уи хәыҷык ҳгәы канажьит».