Келли Дегнан – Арегион аҿы абри аҩыза аибарххара аныҟоу, Қырҭтәылеи Америкеи аимадара ҕәҕәа рыбжьазароуп, уи аҵакы ду амоуп
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан адәныҟатәи аусқәеи ахыхьчареи азы акомитетқәа ахантәаҩцәа Николоз Самхараӡеи Иракли Бераиеи дырҧылеит.
Ацҳаражәҳәаҩ ажурналистцәа ишралҳәаз ала, аиҧылараҿы, ақырҭуа делегациа Америка имҩаҧыргаз авизит иалацәажәеит.
Дегнан ишылҳәаз ала, арегион аҿы абри аҩыза аибарххара аныҟоу, Қырҭтәылеи Америкеи аимадара ҕәҕәа рыбжьазароуп.
«Ҳара ақырҭуа делегациа Вашингтон имҩаҧыргаз авизит ҳалацәажәеит. Дара Конгресси Аҳәынҭқарратә департаменти рхаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи ирҧыланы, Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазашьақәа ирылацәажәеит. Ишаҧу ала, Америкеи Қырҭтәылеи зҵакы дуу еиуеиҧшым азҵаарақәа аус рыдырулоит, арегион аҿы абри аҩыза аибарххара аныҟоу ҳтәылақәа рыбжьара аимадара ихьчазароуп, уи аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Дегнан.