Келли Дегнан - Америкатәии ақырҭуа жәларқәа ахьыԥшымреи, арҿамҭеи еизыҟазаашьақәеи рыбзиабара, аимадара хадақәа асоветтә ампыҵахалараангьы рыхьчон
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Қырҭтәыла Ахьыԥшымра амш инанмаданы асоциалтә каҭаҿы адныҳәалара ҟалҵеит.
ЕАШ ацҳаражәҳәара адныҳәаларатә видеонҵамҭа аланарҵәеит.
“103 шықәса раԥхьа, 1918 шықәсазы Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ихыԥшым аҳәынҭқарра шьаҭаркын. 1922 шықәсазы Асоветтә ар Қырҭтәыла аннексиа мҩаԥнаган, 70 шықәса ирылагӡаны ақырҭуа жәлар ампыҵаалара рықәшәеит. Ари апериод иалагӡаны акгьы зхарамыз ауаа рацәаны иршьит, атәыла ахьыԥшымра ацәыӡит, аха ақырҭуа жәлар ахьыԥшымра ргәы иҭан. 1991 шықәсазы Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара алшан, ЕАШ рҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит. Америкатәии ақырҭуа жәларқәа ахьыԥшымреи, арҿамҭеи еизыҟазаашьақәеи рыбзиабара, аимадара хадақәа асоветтә ампыҵахалараангьы рыхьчон. 1921 шықәсазы Маро Маҟашвили лаб иахь илыҩуан “Шәымшәан, аиааира агара ҳалшоит фырхаҵарала!”, Қырҭтәыла аиааира агара алгеит. Ишәыдысныҳәалоит ахьыԥшымра амш,” – илҳәеит Келли Дегнан.