Келли Дегнан – Америка аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа - Қырҭтәыла астратегиатә партниор игәынамӡара аазырҧшуа ашьҭымҭоуп, уи хшыҩзышьҭра ду азутәуп
Америка аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа – Қырҭтәыла астратегиатә партниор игәынамӡара аазырҧшуа ашьҭымҭоуп, уи хшыҩзышьҭра ду азутәуп, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
«Асанкциақәа — зхархәара ҟало аинструментқәа иреиуп. Америка аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа шәаҧхьазар ҟалап. Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра Иреиҳаӡоу аӡбарахь аӡбаҩцәа ралхра апроцесс аанкылара рыбжьаагеит, аха, дара уи иазҧхьагәарымҭеит, уи даараӡа ҳаргамҵуеит. Ақырҭуа политкиатә лидерцәа ари азҵааразы еиқәшаҳаҭҳахьан.
Иахьатәи аҳәамҭаҿы Америка анапхгара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит мшаҧы 19тәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.