Келли Дегнан – Аҳәынҭқарра ауаа рконституциатә зинқәа рымҩаҧгара рылшаратәы аҭынчратә ҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәаразы аҭак аҧхықәуп
«Ауаа рконституциатә зинқәа рымҩаҧгара, ма аизареи АИХи рзинқәа ирҧырхагоу иарбанзаалак амчылара ҳзақәшаҳаҭхом», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
«Ҳәарада, аҳәынҭқарра ауаа рконституциатә зинқәа рымҩаҧгара рылшаратәы аҭынчратә ҭагылазаашьақәеи, иара убас, ажурналистцәа ҭынч аусура алшареи рзеиқәыршәаразы аҭак аҧхықәуп. Аиҵара раоума, аиҳара роума, зегьы дара роуп, ауаа зегьы рзинқәа рыхьчаразы аҭакҧхықәра иҟоуп. Рыцҳарас иҟалаз, ҧхынгәы 5 – 6 рзы ҳара уи ҳамбеит. Леқсо иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит. Иара амчылара далаӡит. Ақырҭуа жәлар мацара роуп изыӡбаша аҳәынҭқарра иахагыло. Ахҭысқәа зегьы адемократиатә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгазароуп, абри ауп аус злоу», — илҳәеит Келли Дегнан.