Келли Дегнан - Агәра ганы сыҟоуп апарламент ахь иалху адепутатцәа ишеилыркаауа атәыла аҧеиҧш ҳшалацәажәо
Агәра ганы сыҟоуп апарламент ахь иалху адепутатцәа ишеилыркаауа атәыла аҧеиҧш ҳшалацәажәо, акомпромисс шырҧшаауа, ирласны аӡбара шрыдыркыло агәра згоит, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
«Аполитикатә партиақәа абри акризис аҭыҧ иқәырҵароуп, уи аҵакы ду амоуп. Ажәлар ирҳәо ҳаҳауеит, дара иалырхыз адепутатцәа, Қырҭтәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы ирласӡаны аусура иалагароуп, абри ауп ажәлар ирҭаху. Агәра ганы сыҟоуп апарламент ахь иалху адепутатцәа ишеилыркаауа атәыла аҧеиҧш ҳшалацәажәо», — илҳәеит Дегнан.