Кели Дегнан Иракли Ҕарибашвили иахь - Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ацхраара нанагӡоит шәтәыла аекономика аус аруреи, акоронавирус апандемиа аҿагылареи, ашәарҭадара ахьчареи алшарц азыҳәан
Кели Дегнан Иракли Ҕарибашвили иахь - Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ацхраара нанагӡоит шәтәыла аекономика аус аруреи, акоронавирус апандемиа аҿагылареи, ашәарҭадара ахьчареи алшарц азыҳәан

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Кели Дегнан дылҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакәа ахадаратә зҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Америка Қырҭтәылазы зҵакы дуу астратегиатә партниоруп, Қырҭтәыла анапхгара, атәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгара, акоронавирус апандемиа иахылҵыз асоциал-економикатә проблемақәа рыӡбара уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аофициалтә Вашингтонынтә ироуа ацхыраара ахә ҳаракны иршьоит. Аиҿцәажәара аан Иракли Ҕарибашвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит хара имгакәа атәыла шаҟа аҭаху авакцина аиурц, атәылаҿы авакцинациа апроцесс иалагарц азыҳәан, астратегиатә партниор иҟынтә адгылара ҵакыс иамоу.

Аҧыза-министри ацҳаражәҳәаҩи атәылаҿы имҩаҧысуа аполиткиатә процессқәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа иазҧхьагәаҭаны, ақырҭуа политикатә гәыҧқәа ирылшо зегьы ҟарҵароуп Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполитикатә процессқәа аконструктивтә диалог арежим ашҟа иасырц.

Иаара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьеи. Америкатә дипломат Қырҭтәыла Аҧыза-министр даҽазнык изышьақәлырҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

„Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ацхраара нанагӡоит шәтәыла аекономика аус аруреи, акоронавирус апандемиа аҿагылареи, ашәарҭадара ахьчареи алшарц азыҳәан. Даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло”, – илҳәеит Кели Дегнан Аҧыза-министр даниҧыла ашьҭахь.