Казахстани, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи Абжьаратә корридор аужьҭратә алшара аизырҳара иазку азеиҧш документқәа рнапы рыҵарҩит
Казахстани, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи Абжьаратә корридор аужьҭратә алшара аизырҳара иазку азеиҧш документқәа рнапы рыҵарҩит

Авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭиашвилии, Қырҭтәыла аиҳабыратә делегациа ирыцны, Атранскаспиатә атранспорттә корридор аҿиара иазкыз 4 ганклатәи аиҧылара рхы аладырхәит.

Казахстани, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи рхаҭарнакцәа казахстантәи ақалақь Актау еиҧылеит.

«Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Абжьаратә корридор аинфраструктуреи аоперациатә хырхарҭақәеи рырҿиаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Қырҭтәыла авице-аҧыза аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Абжьаратә корридор аҿиаразы иҟаҵаз ашьаҿақәа дрылацәажәеит.

Леван Давиҭашвили иажәақәа рыла, акорридор аинфраструктуреи егьырҭ ахырхарҭақәеи рырҿиара аҵакы ду амоуп.

Азербаиџьани, Казахстани, Ҭырқәтәылеи ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, Абжьаратә корридор аҿиара ацхрааразы аусеицура иазыхиоуп», — иануп аинформациаҿы.