Казахстан ахада Ҟасим-Жомарт Токаев иинаугурациа мҩаԥысит
Казахстан ахада Ҟасим-Жомарт Токаев иинаугурациа мҩаԥысит

Казахстан ахада Ҟасим-Жомарт Токаев иинаугурациа мҩаԥысит. Уи ахада иҭыԥ абҵара 20 рзы изаамҭаным алхрақәа рылҵшәақәарыла ааникылеит.

Ахада иҭыԥ ахь даҽазеык иалхра ашьҭахь, абҵара 28 рзы Токаев Урыстәыла ахада Владимир Путин диԥылоит. Аиԥылара Урыстәыла, Оренбург ақалақь аҿы мҩаԥысуеит.

Аԥхын азы, Петербург имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы, Казахстан ахада Влдимир Путин иаиҳәеит Донецктәии Луганскитәии жәлар рреспубликақәа рызхаҵара игәы ишҭам, урҭ “квазиҳәынҭқаррақәоуп” ҳәа. Токаев иажәақәа рыла, ари амзызла иазхаиҵом Таивани, Косовои, Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни.

Казахстан Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа ала, Ҟасим-Жомрат Токаев алхрақәа рҿы абжьқәа 81% иоуит. Уи ахада иҭыԥ бжьышықәса рыҩнуҵка ааникылоит.