Каха Калаӡе - Сгәы ишаанаго ала, ԥхынгәы азы 12 рекомендациа наҳагӡоит, Қырҭтәыла, ақырҭуа жәлар, анапхгара акандидат статус ирықәныгоит
Каха Калаӡе - Сгәы ишаанаго ала, ԥхынгәы азы 12 рекомендациа наҳагӡоит, Қырҭтәыла, ақырҭуа жәлар, анапхгара акандидат статус ирықәныгоит

12 рекомендациа рынагӡара ахырхарҭала аусура хацыркуп, аусура мацара акәым, иконкрету ашьаҿақәа ҟаҵоуп, сгәы шаанаго ала, ԥхынгәы азы  рекомендациақәа зегьы  наҳагӡоит, –  иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Иажәақәа рыла, хырхарҭақәак мацара аанхеит, атәыла акандидат статус аиурц азы ирылшо зегь ҟарҵоит.

Қарҭ ахада ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, ақырҭуа жәлар, анапхгара акандидат статус ирықәныгоит, избан акәзар Қырҭтәыла ахырхарҭақәа зегьы рҿы аԥхьагылара аман.

“Қырҭтәыла ахырхарҭақәа зегьы рҿы иконкрету шьаҿақәа, арефеормақәа рыла аԥхьагылара аман, аха арагьы аплан маӡа иҟан – ирыдыркылеит аполитикатә аҿбара. Ари зегьы иахәамԥшыкәа, евроинтеграциа имариам аҩаҿ, Қырҭтәыла анапхгара атәыла акандидат статус аиурц азы ирылшо зегь ҟарҵоит”, – иҳәеит Калаӡе.