Каха Калаӡе – Ақәоурацәгьа аан мҩақәак аӡы рхыҵәеит, убри амшала ауааҧсыра апроблемақәа рыцәырҵит, ҳара, етапла, апроблемақәа зегыь ҳаӡбоит

12:16, 08.07.2026

Ақәоурацәгьа аан мҩақәак аӡы рхыҵәеит, убри амшала ауааҧсыра апроблемақәа рыцәырҵит. Ҳуааҧсыра даҽазнык ирасҳәар сҭахуп апроблемақәа зегьы шыҳаӡбо, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Калаӡе аконкреттә мҩақәа аӡы рхыҵәара зыхҟьаз апроблемақәа дрылацәан, ишиҳәаз ала, ақалақь зегьы аҿы адгьылаҵантәи аиасырҭақәа ринфраструктура аганахьала апроблемақәа иҟоуп.

Иара ишиҳәаз ала, апроблемақәа зегьы етапла ирыӡбоит.

„Ишыжәдыруа еиҧш, ақәоурацәгьа аан мҩақәак аӡы рхыҵәеит, убри амшала ауааҧсыра апроблемақәа рыцәырҵит. Ҳуааҧсыра даҽазнык ирасҳәар сҭахуп апроблемақәа зегьы шыҳаӡбо. Аконкреттә мҩақәа рҿы иҟоу апроблемақәа ирызкны аинформациа наӡа ҳамоуп. Ҳмуниципалитет ахаҭарнакцәа иахьымнеиз ҭыҧкгьы аанымхеит. Ҳуааҧсыра даҽазнык ирасҳәар сҭахуп апроблемақәа зегьы етапла ишыҳаӡбо. 2017 шықәса инаркны арҽеиратә усурақәа мҩаҧаагоит, раҧхьа иргыланы, адгьылаҵантәи аиасырҭақәа рырҽеира ҳалагеит, ари аганахьала проблемақәа рацәоуп. Убри аҟынтә, уажәгьы, раҧхьа иргыланы, ари апроблема аҭыҧ иқәаҳҵароуп. Ҳәарада, иаразнак, аамҭакала зегьы ҳзыҟаҵом, аха, етапла, апроблемақәа зегьы ҳаӡбоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.

 

Еиԥшу