Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи Америкеи русеицура ала, зыласра дуу аҳа аҿиара апроект мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқрратә шәарҭадара амаҵзура аоператив-техникатә агентра, аҳәаатә шәарҭадара аиҕьтәра амзызла, аҳәынҭқарратә аҳәаа еиуеиҧшым ацыҧҵәахақәа рҿы зыласра дуу аоптикатә аҳа аинфраструктура аиҿкаара нанагӡоит.
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа 35-тәи асектоар аҿы абри аҩыза аҳа аиҿкаара амзызла, Америка атәылахьчара ашәарҭара армаҷра агентра (DTRA) Қырҭтәыла аоператив-техникатә агентра анаҭеит жәабала ароутерқәа.
Аоператив-техникатә агентра адиректор Беқа Мамардашвили Америка атәылахьчара ашәарҭара армаҷра агентра Кавказтәи арегионалтә офис анапхгаҩы Девид Қенедеи ари ацхыраареи акыршықәсатәи ихырҳагоу аусеицуреи азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

