Дональд Трамп – Аҵыс ажәабжь ҿыц сзаанагеит, ҳара Украина иара ахала азениттә ракетатә комплексқәа «Патриот» аҟаҵара азин аҳҭоит ҳәа, уажәшьҭа ари атәыла ҳара арҭ акомплексқәа имаҷны ираҳҭоит ҳәа аҳәара залшом
Америка ахада Дональд Трамп Украина ахада Владимир Зеленски даниҧылоз ишиҳәаз ала, Америка Украина алицензиа анаҭоит азениттә ракетатә комплексқәа Patriot рааглыхразы.
«Аҵыс ажәабжь ҿыц сзаанагеит, ҳара Украина иара ахала азениттә ракетатә комплексқәа «Патриот» аҟаҵара азин аҳҭоит ҳәа, уажәшьҭа ари атәыла ҳара арҭ акомплексқәа имаҷны ираҳҭоит ҳәа аҳәара залшом. Шәара шәхала иҟашәҵа», — иҳәеит Трамп.
Иара иажәақәа рыла, Patriot — ахыхьчаратә бџьаруп, убри аҟынтә, ари абџьар аҵакы ҷыда анеишьоит.
Трамп иажәақәақәа рыла, Америка ахаҭагьы ари абџьар аҭахуп.
«Ҳара Patriot асистемақәа ҳҭахуп. Хара имгакәа урҭ рааглыхра ҳалагоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Трамп.