Каха Имнаӡе Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара дахагылоит. Ари тәы Имнаӡе “Твиттер” аҿы ааицҳаит.
“Оттава аусура алагара гәахәара ду ала сахыԥшуп, сҩыза гәакьа Қавҭараӡе иус насыгӡоит”, – иҩит Имнаӡе.
Уаанӡа Каха Имнаӡе ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Давид Бақраӡе иқәыргылара лнапы аҵалҩит.