Касым-Жомарт Токаев – Беларус ахада Казахстан адигалеит Урыстәыла-Беларустәи аидгыла иалаларц, илафҳәара сгәаҧхеит
Казахстан ахада Касым-Жомарт Токаев, ишиҳәаз ала, иара итәыла Урыстәылеи Беларуси реидгыла алалара аҭахым, Казахстан аиадертә бџьар аҭахым.
Токаев Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко иинициатива дахцәажәеит. Лукашенко ишиҳәаз ала, иарбанызаалак аҳәынҭқарра урыстәыла-беларустәи аидгыла алалареи ахатә тәылаҿ аурыс аиадертә бџьар аргылареи алшоит.
«Уажәааны Беларус ахада Казахстан адигалеит Урыстәыла-Беларустәи аидгыла иалаларц, илафҳәара сгәаҧхеит. Уи еиҧш ахымҧадара иҟам ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, егьырҭ аинтеграциатә аидҵарақәагьы иҟоуп, раҧхьа иргыланы, Евразиатәи аекономикатә еидгыла. Аиадертә бџьар иадҳәаланы исҳәар сҭахуп, ҳара уи ҳҭахым, избанзар, Аиадертә бџьар аламырҵәара иазку аиқәшаҳаҭреи Аиадертә ҧышәарақәа рқәиҭымтәра иазку аиқәшаҳаҭреи ҳнапы рыҵааҩит», — иҳәеит Токаев.