Карл Харцель – Атәыла ахада цқьа изызхәыцу, зҵакы дуу ажәахә ҟалҵеит, имҩаҧысраны иҟоу адискуссиаҿы лара лықәгылара изакәытә ақәҿыҭроу иаиуа интересс исымоуп
Карл Харцель – Атәыла ахада цқьа изызхәыцу, зҵакы дуу ажәахә ҟалҵеит, имҩаҧысраны иҟоу адискуссиаҿы лара лықәгылара изакәытә ақәҿыҭроу иаиуа интересс исымоуп

«Атәыла ахада цқьа изызхәыцу, зҵакы дуу ажәахә ҟалҵеит ҳәа сгәы иаанагоит, имҩаҧысраны иҟоу адискуссиаҿы лара лықәгылара изакәытә ақәҿыҭроу иаиуа интересс исымоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы есышықәсатәи лықәгылара ашьҭахь.

Қырҭтәыла апарламент аҿы ахада Саломе Зурабишвили лықәгылара иалагеит  аҿымҭра аминуҭи Украина хьыӡрашәа анагӡареи ала.  Қырҭтәыла ахада иаҵшьны иазгәалҭеит Украинеи аукраин жәлари дышрыдгыло. Иара убас, Саломе Зурабишвили Украина ахада Володимир Зеленски диҳәеит Украина ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәылаҟа дирхынҳәырц.