Карл Харцель - Ақырҭуа жәлар гәыкала ирыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш, Евроеидгыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ақырҭуа жәлар Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.
Ҳарцель иҳәамҭала, Евроеидгыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.
«Ақырҭуа жәлар гәыкала ирыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш, Евроеидгыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Ҳаимадарақәа иаҳа иҕәҕәахар ҳҭахуп. Хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла аргама аанацҳаит Евроеидгыла иалалар шаҭаху. Қырҭтәыла абри аӡбара аднакылеит ахатә ҭоурыхтә принципқәа рышьаҭала», — иҳәеит Карл Ҳарцель.