Карл Харцель - Адемократиатә уаажәларраҿы маӡала ацклаҧшра ҟамлароуп
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишиҳәз ала, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура апотенциалтә шәарҭарақәа раарҧшра иазҿлымҳауп, маӡала ацклаҧшразы амзызқәа рымоуп, аха, абри аҩыза ахархәагақәа гәҽанызаарыла ирызныҟәатәуп.
«Ҳәарада, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, атерроризм, ашантаж уҳәа, аҳәынҭқарра иазцәырҵыр зылшо ашәарҭарақәа раарҧшра иазҿлымҳауп. Маӡала ацклаҧшразы амзызқәа рымоуп, аха, абри аҩыза ахархәагақәа гәҽанызаарыла ирызныҟәатәуп, избанзар, егьи аганахьала ауаа хазхаҭалатәи рыҧсҭазаара иадкьыслар ауеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.
Иара иажәақәа рыла, ари азҵаара иадҳәаланы инарҭбаау адискуссиа дақәшаҳаҭуп.
«Сара ацклаҧшра аҟазшьеи азкызаареи иадҳәаланы инарҭбаау адискуссиа сақәшаҳаҭуп. Ақырҭуа политикатә спектр уажәазы иаабо зегьы аҟынтә иашьашәалоу аихшьаала ҟарҵароуп, избанзар адемократиатә уаажәларраҿы маӡала ацклаҧшра ҟамлароуп», — иҳәеит Ҳарцель.