Карл Харцель – Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иаабаз зегьы даҽазнык иҳәгаланаршәоит агәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра ҷыда шзутәу
Карл Харцель – Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иаабаз зегьы даҽазнык иҳәгаланаршәоит агәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра ҷыда шзутәу

 

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иаабаз зегьы даҽазнык иҳәгаланаршәоит агәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра ҷыда шзутәу, Евроеидгыла ари азҵаара даара иаргәамҵуеит, —  иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Харцель.

Иара ишиҳәаз ала, Евроеидгыла Михаил Саакашвли иус иадҳәаланы Жәлар рыхьчаҩ имҩаҧылго аусура  иадгылоит.

«Раҧхьа иргыланы, Михаил Саакашвили иус иацклаҧшуа ауааҧсыра срықәгәыҕуеит. Евроеидгыла Михаил Саакашвли иус иадҳәаланы Жәлар рыхьчаҩ имҩаҧылго аусура  иадгылоит. Аобиективтә медицинатә консультациақәа мҩаҧганы, Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ахәшьара иаша аҭатәуп. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иаабаз зегьы даҽазнык иҳәгаланаршәоит агәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра ҷыда шзутәу.  Уажәазы аҭагылазаашьа злаҟао ала, адебатқәа иҟынтә аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара ашҟа ииастәуп ҳәа сгәы иаанагоит»,  — иҳәеит Ҳарцель.