Карл Ҳарцель иҟаиҵаз аҳәамҭала, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак ҩыџьа алахәылацәа рықәгылара изхыццакцәоу, аконкуренциа змамыз, узлыԥшыртә иҟамыз хҭысын
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳацель Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа рықәгылара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Ҳарцель ишазгәеиҭаз ала, арҭ ахаҿқәа рықәыргылара изхыццакцәоу, аконкуренциа змамыз, узлыԥшыртә иҟамыз хҭысын.
“Қырҭтәыла аӡбарҭатә системеи азакәан аиҳаӡареи рсфераҿ аҵыхәтәантәи ԥшьымз ирылагӡаны, ари ахәбатәи шьҭахьҟа иҟаҵоу шьаҿоуп. Ԥхынгәы 12 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рықәгылара Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿҟаара/ODIHR ахәшьарала “аламысцқьа агын”, аиашаӡбара иадҳәалоу ауалԥшьақәа ахьынагӡамыз, Евроеидгыла аҟынтә 2021 шықәса цәыббразы иацҵаны 75 миллион евро алхымызт, цәыббра 7 рзы Апрокурор хада иқәгылара аҵас иазку аконституциатә ԥсахрақәа рыдкылара мап ацәкра, иахьагьы ишахәҭоу еиԥш иҭҵаам ԥхынгәы 5 рзы адурналистцәеи активистцәеи рыргәаҟра иазку аус.
Арҭ ахҭысқәа даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит, амбициа змоу аӡбарҭатә реформа шалагатәу, ари апроцесс алагаразы Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа ахыдҵақәа ргеит.
Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ареформақәа ирыдҳәалоу ахыдҵақәа нарыгӡарц,” – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳацель иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.