Кабул иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара 90-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Кабул иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу 90-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы аанацҳаит “СиБиЕс”.
Иларҵәаз адыррақәа рыла, аахақәа роуит 158-ҩык иреиҳаны.
Иацы Кабултәи аҳаирбаӷәазаҿ атҟәацра ҟалеит. Иҭахеит 12-ҩык америкатәи аруаа. Атеракт азы аҭакԥхықәра ахахьы агеит “Исламтәи аҳәынҭқарра”.