Jan De Nul ахаҭарнак  - Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза  апроект аҵакы ду амоуп, уи арегионаҿ аҭагылазаашьа аҧсахуеит  
Jan De Nul ахаҭарнак  - Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза  апроект аҵакы ду амоуп, уи арегионаҿ аҭагылазаашьа аҧсахуеит  

Анаклиатәи абаҕәаза апроект аҵакы ҷыда амоуп, ҳара ҳаилахәыра азгьы. Ари апроект арегионаҿ аҭагылазаашьа аҧсахуеит. Ари апроект абзоурала, Азиантә Европаҟа аидара амҩангара еиқәзыршәо Абжьаратә корридор иаҳа алҵшәа амазаауеит. Убри аҟынтә, ҳеилахәыра  –  Jan De Nul – иахьахәҭоу уаҟа иҟоуп, – иҳәеит  Jan De Nul Қырҭтәылатәи афилиал адиректор Тим Деволдер.

Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, адунеи идуӡӡоу аилахәырақәа иреиу, ахьӡ бзиеи аҧышәа дуи змоу, европатәи амшынтә аргыларатә еилахәыра  Jan De Nul Панаматәи аканал арҭбаара, Суецтәи аканал аргылара, Марокко абаҕәаза ҿыц аргылара, Дубаи иҧсабаратәым адгьылжьаха аргылара уҳәа, еиуеиҧшым аглобалтә проектқәа ирылахәын. Уажәы ари аилахәыра Анаклиатәи абаҕәаза акватори арҵаулареи ацәқәырҧаҧҽыгеи апроект ҟаҵаны,  аргыларатә усурақәеи мҩаҧнагоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра Қырҭтәылатәи аофис анапхгаҩы ишиҳәаз ала, Анаклиа амшынтә инфраструктура аргыларатә усурақәа активла имҩаҧысуеит.

„Ҳеилахәыра аиҭакрақәа рымҩаҧгара иазкуп, ари апроект ҳалахәызар ҳҭахуп. Ҳеилахәыра амшынтә инфраструктура аргылара аганахьала адунеиаҿ аҧхьагылара амоуп. Аҵәқәырҧаҧҽыгақәа рыргылареи аҟәара арҭбаареи аганахьала аҧышәа ду ҳамоуп. Анаклиа, абри абаҕәаза ҿыц аҿиара алахәызаара ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп“, – иҳәеит Тим Деволдер.