Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр аусуратә визитла Швециа дыҟоуп. Џьуаншер Бурҷулаӡе швециатәи иколлега Пол Ионсони атәыла ахыхьчара аминистр Карл-Оскар Болини дырҧылеит.
Аминистрцәа арегионалтә шәарҭадареи, НАТО аҟны аусеицуреи, ахыхьчара аусхкы аҿы ҩ-ганктәи аусеицуреи иалацәажәеит. Џьуаншер Бурҷулаӡе Швециа ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла атылахьчара аусхкы аҿиара ацхрааразы. Иара убас, иаҵшьны иазәгаҭан Евроеидгыла Амниторинг Амиссиаҿы Швециа иҟанаҵо алагала ду.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи усеицура арҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит.