Џьуаншер Бурҷулаӡе  Швециа атәылахьчара аминистр диҧылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе  Швециа атәылахьчара аминистр диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  аусуратә визитла Швециа дыҟоуп.  Џьуаншер Бурҷулаӡе   швециатәи иколлега  Пол Ионсони атәыла ахыхьчара аминистр  Карл-Оскар Болини дырҧылеит.

Аминистрцәа арегионалтә шәарҭадареи,  НАТО аҟны аусеицуреи,  ахыхьчара аусхкы аҿы ҩ-ганктәи аусеицуреи иалацәажәеит.  Џьуаншер Бурҷулаӡе Швециа ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла атылахьчара аусхкы аҿиара ацхрааразы. Иара убас, иаҵшьны иазәгаҭан Евроеидгыла Амниторинг Амиссиаҿы Швециа иҟанаҵо алагала ду.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи усеицура арҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит.