Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит.
Џьуаншер Бурҷулаӡе ишазгәеиҭаз ала, Франциа алагала ду ҟанаҵоит НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа аҿиареи, атрансформациеи, анагӡареи апроцессаҿ. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, арегион аҿгьы Европагьы ашәарҭадара аганахьала апроблемақәа аныҟоу аамҭазы, ахыхьчареи ашәарҭадареи аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Франциеи русеицуреи рпартниорреи аҵакы ду амоуп.
Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Шераз Гасри 2017 шықәса инаркны ЕАР иҟоу Франциа еснагьтәи ахаҭарнкраҿы аполитикатә абжьагаҩс дыҟан; 2015-2017 шықәсқәа рзы, афранцыз дипломат, Асоциалтә усқәеи агәабзиарахьчареи аминистрраҿы адипломатиатә абжьагаҩс аус луан.