Леван Хабеишвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ   диҧылеит
 Леван Хабеишвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ   диҧылеит

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили апартиа аофис аҿы  Франциа ацҳаражәҳәаҩ  Шераз  Гасри диҧылеит.

Аиҧылара ашьҭахь Хабеишвили ажурналисцәа ишреиҳәаз ала, аиҧылараҿы зҵакы дуу азҵаарақәа ирылацәажәеит, 12 абжьаграқәа рынагӡара азҵаарагьы.

«Иахьа Франциа ацҳаражәҳәаҩ апартиа  «Иаку аимлаҭтә    ҵысра» аофис даҭааит. Ҳәарада ҳара Михаил Саакашвили иҧсҭазаара аиқәырхареи аполитбаандаҩы Ника Гварамиа иуси  ҳалацәажәеит. Иара убас, Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара аҵакы ҳазааҭгылеит. Ҳәарада, ҳара  «Аурыс гәахәтәы» ахаҭарнакра ирыдыркылаз азакәандаратә аӡбара иадҳәаланы ҳпозициа ааҳарҧшит, дара пункткгьы анагӡара ргәы иҭам, адеполиаризациа ацынхәрас, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Михаил Саакашвили аҧсра дшаҿу иахәаҧшуеит. Ҳара, атәыла аҩныҵҟагьы, анҭыҵгьы, ҳпартниорцәа активла аус рыцаауеит», — иҳәеит Леван Хабеишвили.