Џьозеф Боррели Саломе Зурабшвилии Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра иалацәажәеит
Џьозеф Боррели Саломе Зурабшвилии Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра иалацәажәеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак, авице-ахада Џьозеф  Боррели Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии реиҿцәажәара иазку аинформациа аланарҵәеит. Аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра иалацәажәеит.

Боррел иаҵшьны иазгәеиҭеит Украина ажәылара аконтекст аҿы Евроеидгыла Қырҭтәыла ишадгыло,  иара ахада Зурабишвили дақәиргәыҕит Қырҭтәыла аҭышәынтәалара арҕәҕәара амзызла,   Евроеидгыла Қырҭтәылаҟны аусеицура шынанагӡо.

Иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Украина адгылара аганахьала  ахада Зурабишвили иаалырҧшыз лпозициа ахәшьара бзиа аиҭеит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа урыстәылатәи агрессиа амшала арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа аицәахареи зыӡбахәы ҳәоу аибашьра иахылҵуа аекономикатә алҵшәа цәгьақәеи ирылацәажәеит.

Иреиҳаӡоу ахаҭарнак даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.