Аилахәыра «Џьорџьиан Уоҭер енд Пауер» аҳәамҭа инақәыршәаны, иахьа Қарҭ, Ҕрмаҕеле араион аҿы иҟоу аӡымҩангага аҧхасҭа аиуит.
«Иаха иҟаз ақәоура цәгьа амшала аӡымҩангага аҧхасҭа аиуит. Аилахәыра атехникатә бригадақәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧыргоит. Абри афакт иадҳәаланы, иахьа, асааҭ 12:00 инаркны лаҵара 2-нӡа, Чуҕуреҭии, Исании, Наӡаладевии араионқәа рҿы аӡылеиқәыршәара аганахьала аҧкрақәа иҟазаауеит.
Аӡылеиқәыршәара еиҭашьақәгылаанӡа, аилахәыра ахаҭарнакцәа ауааҧсыра ацистернақәа рыла аӡы рызнаргоит», — иануп адырраҿы.