Џьорџь Буш – Михаил Саакашвили абахҭаҿ ишизныҟәо анызбо сгәы ҧжәоит
Џьорџь Буш – Михаил Саакашвили абахҭаҿ ишизныҟәо анызбо сгәы ҧжәоит

«Украина аиааира шәтәыла аҵакырадгьыл  20% Урыстәыла ала ампыҵахалара аҵыхәа ҧнаҵәар ауеит», — иануп   Америка ҧасатәи ахада Џьорџь Буш  ишәҟәы аҟны, ари ашәҟәы иаҧхьеит Қарҭ имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконференциа  «Путинизм аҵархара» аҿы.

«Қарҭтәи жәларбжьаратәи аконференциа  аҵакы ду амоуп,  Џьорџь Буш  иинститут ари ауснагӡатә иалахәып, сара уи сгәы аздууп. Сареи Лореи ақырҭуа жәлари,  ауснагӡатә алахәылацәеи,  асасцәеи   салам раҳҭоит. Шәара Қарҭ шәыҟоуп,  аха,  адунеи зегьы Украина иацклаҧшуеит. Ари аибашьра иахылҵуа алҵшәа адунеи зегьы ахақәиҭреи адемократиеи азы аҵакы ду амоуп,  ҳәарада,  Қырҭтәылазгьы иаҵанакәа рацәоуп.  Украина ақәҿиарақәа ибзиаӡаны иаҳдырбеит адемократиатә мчқәа аиааира шрылшо. Иара убас,   Украина аиааира шәтәыла аҵакырадгьыл  20% Урыстәыла ала ампыҵахалара аҵыхәа ҧнаҵәар ауеит», — иануп Буш ишәҟәы аҟны.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар,  ҧасеиҧш, Евроеидгылеи НАТОи ралалара иазҿлымҳауп.

«Қырҭтәыла аиҳабыра рыла адемократиатә принципқәа рықәныҟәара иадҳәаланы зҵаарақәак иҟоуп.  Шәтәыла ахҧатәи ахада,  сара хаҭала издыруаз   Михаил Саакашвили абахҭаҿ ишизныҟәо анызбо сгәы ҧжәоит. Шәтәылаҿы Урыстәыла анырра азҳара зыргәамҵуа ауаа рацәоуп,  ари анырра шәеиҳабыра рыла Украина аиҳабыреи аукраин жәлари рыдгылара ианыҧшуеит», – иҩит Џьорџь Буш -аиҵбы.