Џьо Баиден  - Урыстәыла ари аибашьраҿ аиааира агом, аха, ҳара уезгьы Путин иацәажәара ҳақәшәоит
Џьо Баиден  - Урыстәыла ари аибашьраҿ аиааира агом, аха, ҳара уезгьы Путин иацәажәара ҳақәшәоит

«Урыстәыла ари аибашьраҿ аиааира агом, аха, ҳара уезгьы Путин иацәажәара ҳақәшәоит», — иҳәеит Америка ахада  Џьо Баиден  Украина ахада Владимир Зеленскии иареи Вашингтон еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  Америка наҟ-наҟгьы Украина иацхраауеит ари атәыла аибашьраҿы аиааирагара алшарц азыҳәан.

«Путин намыс имазҭгьы, ииашаны ихы мҩаҧигазҭгьы, ихатә бџьармчқәа Украина иалигазҭгьы, аибашьра иахьаҵәҟьа ихыркәшахон, аха, ус зыҟалом. Убри аҟынтә, ҳара наҟ-наҟгьы Украина ҳацхраауеит  ари атәыла ҳареи европатәи ҳадгылаҩцәеи ҳацхыраарала ари аибашьраҿы аиааирагара алшарц азыҳәан.

Мышқәак раҧхьа Путин ихаҭа иазхеиҵеит Украинаҿ аибашьра абас ицәыуадаҩхоит ҳәа игәы ишаанамгоз.  Иара НАТО аҵархара илшап ҳәа игәы иаанагон. Урысшәала ицәажәо украинаа гәахәарыла иҧылап ҳәа дгәыҕуан. Путин ари аибашьраҿ дшаҵахаз анеиликаалак, ахада Зеленски  ихала иӡбоит ари аибашьра хыркәшашьас иеиҭо», — иҳәеит  Џьо Баиден.

Иара убас, Баиден ишазгәеиҭаз ала, жәларбжьратәи аполитикаҿ ишиашо аиҧыларақәа альтернатива рымам.

«Аполитика зегьы  — хазхаҭалатәиуп. Ҳара, ҳаидтәаланы, ҳаиҿаҧшыроуп. Урыстәыла ари аибашьраҿ аиааира агом, аха, ҳара уезгьы Пути иацәажәара ҳақәшәоит», — иҳәеит  Џьо Баиден.