Џьо Баиден - Урыстәыла адемократиа абжьы ахәаҽит, ари аҟаҵара Урыстәыла мацара акәымкуа, даҽаџьарагьы аҭахуп
Џьо Баиден - Урыстәыла адемократиа абжьы ахәаҽит, ари аҟаҵара Урыстәыла мацара акәымкуа, даҽаџьарагьы аҭахуп

Урыстәыла адемократиа абжьы ахәаҽит, ари аҟаҵара Урыстәыла мацара акәымкуа, даҽаџьарагьы аҭахуп – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден Варшава, Польша ахада Анджеи Дуда иҟны аиԥылара ашьҭахь, атәыла аҳҭнықалақь амҩақәа рҿы еизаз атәылауаа рҽаԥхьа данықәгылоз.

Баиден иажәақәа рыла, Владимир Путин, егьырҭ автократцәа реиԥш,  игәы иаанагоит “сыӷәӷәоуп, убри аҟынтә сиашоуп” ҳәа.

„Адемократиазы ақәԥара аибашьра хьшәашәара ахыркәшарала инымҵәеит. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса ирылагӡаны автократтә мчқәа адунеи зегьы рҿы ицәырҵит – азакәан аиҳаӡара аилагара, адемократиа аҳаҭыр аларҟәра, азин аҳаҭыр аларҟәра – абри ауп автократиа дыргақәас амоу. Иахьа Урыстәыла адемократиа абжьы ахәаҽит, ари аҟаҵара Урыстәыла мацара акәымкуа, даҽаџьарагьы аҭахуп. Уи амзыз имамкуа агәыла-тәыла дақәлеит. Путин Украина саԥырхагом ҳәа иҳәар иҭазуп. Ари ациникатә мцуп, уи ари ибзиаӡаны идыруеит. Ари ахамаԥагьароуп. Ахада Зеленски адемократиатә мҩала далхуп. Уи дуриоуп. Иаб иҭаацәара Ҳолокост аан иҭахеит, Владимир Путин, егьырҭ автократцәа реиԥш,  игәы иаанагоит “сыӷәӷәоуп, убри аҟынтә сиашоуп” ҳәа”, – иҳәеит ЕАШ ахада.