Џьо Баиден Путин ибандаҩтәразы Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара дазыразуп
Џьо Баиден Путин ибандаҩтәразы Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара дазыразуп

Америка ахада  Џьо Баиден Путин ибандаҩтәразы Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара дазыразуп.

«Аӡбара иаша рыдыркылеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Америка ахада.

Џьо Баиден иажәақәа рыла,  Путин лабҿаба иубарҭоу арратә ацәгьаурақәа ҟаиҵеит.

Иацы Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Владимир Путин ибаандаҩтәразы аордер ҭнажьит.

Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа аӡбаҩцәа рыӡбарала, Урыстәыла ахада Украина аибашьратә ацәгьаурақәа рыҟаҵаразы гәҩарас дрымоуп.

Иара убас, аӡбарҭа абри аҩызаҵәҟьа аордер ҭнажьит ахәыҷқәа рзинқәа азҵаарақәа рзы Урыстәыла акомиссар Мариа Лвова-Белова лбаандаҩтәразгьы.