Џьо Баиден инапы аҵаиҩит "Covid-19" ахыҵхырҭа иазкны адырра акьыԥхьра иазкә азакәан
ЕАШ ахада Џьо Баиден инапы аҵаиҩит “Covid-19″ ахыҵхырҭа иазкны адырра акьыԥхьра иазкә азакәан. Ари атәы иазгәаҭоуп Аҩны шкәакәа аланарҵәаз аинформациа аҿы.
„2019 шықәсазы акоронавирус ахылҵшьҭра иазкны аинформациа аргаматәра иазкны аконгресс садгылоит. 2021 шықәсазы сара аԥшыхәратә маҵӡура адҵа асҭеит акоронавирус ахыҵхырҭа аилкааразы , ари аусура ихыркәшам. Акоронавирус ахыҵхырҭа еилаҳкаароуп наҟ-наҟтәи апандемиақәа раԥырҟәҟәаара азы”, – иҳәеит ЕАШ ахада.