Џьо Баиден  - Америкеи аидгылаҩцәеи Украинаҿ Урыстәыла иабашьуам
Џьо Баиден  - Америкеи аидгылаҩцәеи Украинаҿ Урыстәыла иабашьуам

«Америкеи аидгылаҩцәеи Украинаҿ Урыстәыла иабашьуам», — иҳәеит Америка ахада  Џьо Баиден   Аҩны шкәакәаҿ имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иҳәамҭала, адунеи зегьы еидгыланы, Украина иадгылоит.

«НАТОи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо аконфронтациа  — ахҧатәи адунеитә еибашьроуп иаанаго, ҳара уи ҳҽацәыхьчароуп. Аха, уажәшьҭа ҳара иҵабыргны иаадыруеит Украина иаҿагылоу аиҿашьраҿы Путин дшаҵахо. Иара, дмеибашьыкәа Украина игар иҭахып, аха аплан зынаимгӡеит.  Атрансатлантикатә еидгыла ирҧсыҽыр иҭахын, аха, илымшеит. Америкатә демократиа аиҟәшара иҽазикит, ари аплангьы хыбгалеит. Америкауаа еидгылоуп. Адунеи зегьы еидгыланы, аукраин жәлар ирыдгылоит», — иҳәеит Баиден.