Џьо Баиден  Америка ахада  иалхрақәа рҿы икандидатура шамихуа атәы ааицҳаит
Џьо Баиден  Америка ахада  иалхрақәа рҿы икандидатура шамихуа атәы ааицҳаит

Џьо Баиден   2024 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа рҽалархәразы мап икит.

Асоциалтә аҳа  Х аҿы икьыҧхьыз ашәҟәы аҟны  Байден ишазгәеиҭаз ала, Америка ахадас аҟазаара  иара изы, иҧсҭазаараҿы ҳаҭыр дуӡӡан.

«Алхрақәа рҽалархәра сгәы иҭан, аха, спартиеи стәылеи ринтересқәа иазҧхьагәаҭын, скандидатура ақәыргыларазы мап скырц сыӡбеит, иаанхаз аҿҳәара иалагӡаны сыҧхықәрақәа назыгӡоит», — иҳәеит Џьо Баиден.