Џьим О'Браиен  - Қырҭтәылатәи амаҵзурақәа иреалу ашьаҿақәа ҟарҵоит аибашьра иадҳәалоу амаҭәарқәа Урыстәылахь риагара аԥырҟәҟәааразы, аартызаара аганахьала ибзиоу партниорцәоуп
Џьим О'Браиен - Қырҭтәылатәи амаҵзурақәа иреалу ашьаҿақәа ҟарҵоит аибашьра иадҳәалоу амаҭәарқәа Урыстәылахь риагара аԥырҟәҟәааразы, аартызаара аганахьала ибзиоу партниорцәоуп

Қырҭтәыла маҵзурақәа иреалу ашьаҿақәа ҟарҵоит аибашьра иадҳәалоу амаҭәарқәа Урыстәылахь риагара аԥырҟәҟәааразы, аартызаара аганахьала ибзиоу партниорцәоуп, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент асанкциақәа ркоординациатә офис анапхгаҩы Џьим О’Браиен Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аҿы имҩаԥгаз аилатәара аҿы.

Асенатор Џьин Шаҳин изықәлыргылаз азҵаара иаҭакны, Џьим О’Браиен Қырҭтәыла авизит дахцәажәеит.

“Сара Қарҭ сыҟан Евроеидгылеи Британиеи рҟынтә сколлегацәа срыцны. Иаку афронт шьақәҳаргылоит. Ажәабжь гәырӷьахә ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит, Қырҭтәылатәи амаҵзурақәа иреалу ашьаҿақәа ҟарҵоит аибашьра иадҳәалоу амаҭәарқәа Урыстәылахь риагара аԥырҟәҟәаараз. Аҳауатәи адгьылтәи ахәаа ахылаԥшра ааҭгылара змам процессуп, ари аганахьала ацхыраара ду раҳҭоит, аартызаара аганахьала ибзиоу, узықәгәыӷыша партниорцәоуп. Уажәы даҽа зақара игылоуп – иахьа иҳамоу аҭагылазаашьа аиӷьтәра иҳалшо иҳалымшо, Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара еиҭашьақәгылаз аԥыррақәа ирызԥхьагәаҭаны, еиӷьу хәаԥшышьа ҳамазароуп”, – иҳәеит Џьим О’Браиеню