ЕАШ вице-ахада Џьеи Ди Венс Израиль даҭааит. Ҩымштәи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, алидерцәа рҟны аиԥылараан Венс Газа иршьыз атҟәацәа рыԥсыбаҩқәа рырхынҳәреи аибашьра ахыркәшара иазку аиқәшаҳаҭреи рганахьала иҟоу апрогресс далцәажәоит.
Иара убас, Џьеи Ди Венс ЕАШ ахада Дональд Трамп иҭынчратә план аҩбатәи аетап алагара дазааҭгылоит.Жьҭаара 22 рзы Џьеи Ди Венс Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳуи ахада Исаак Герцоги дырԥылоит.