Џьеиҳун Баирамов иҟаиҵаз аҳәамҭала, Илиа Дарчиашвили иҟны аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә усеицуреи арегионалтә проектқәеи ирыхәаԥшит

17:06, 27.06.2024

«Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа иҳараку аҩаӡараҿ иҟоуп», —иҳәеит Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов Илиа Дарчиашвили иҟны имҩаԥигаз  апресс-конференцииа аҿы.

Баирамов иажәақәа рыла, иахьатәи аиԥылараҿ ирыхәаԥшит аполитикатә диалог амҩаԥгареи, ЕАР-и ОБСЕ-и егьырҭ жәларбжьаратәи еиҿкаарақәа рҟны аимадара ӷәӷәақәа рыбжьаҵара.

Аминистр ишазгәеиҭаз, аиԥылараҿ аекономикатә усеицура иазкыз азҵаарақәа ирзааҭгылеит, иазгәаҭан ҵыԥх атәылақәа рыбжьара атауареикәшара 15%-ла шазҳаз

«Иахьатәи ҳаиԥылараҿ апотенциал ду змоу апроект — Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румыниеи, Венгриеи рҽалархәрала инагӡо аенергетика иаҵәа акридор иазку апроект ҳахцәажәеит. Ари апроект XXI ашәышықәсатәи проектуп», — иҳәеит Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамов.

Еиԥшу