Италиатәи АИХ – Евгени Пригожин иқәгылараан НАТО анапхгара, аиадертә инцидент ашәарҭара амшала, Урыстәыла арратә напхгара рҟны аимадара рыман
Италиатәи АИХ – Евгени Пригожин иқәгылараан НАТО анапхгара, аиадертә инцидент ашәарҭара амшала, Урыстәыла арратә напхгара рҟны аимадара рыман

Италиатәи АИХ  La Repubblica аинформациа инақәыршәаны, Евгени Пригожин иқәгылараан НАТО анапхгара, аиадертә инцидент ашәарҭара амшала, Урыстәыла арратә напхгара рҟны аимадара рыман.  Адырра ишану ала, Аҩадаатлантикатә алианси Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи иформалым аимадара рыман.

НАТО арратә маҵзуҩцәа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иацәажәеит.  La Repubblica аверсиала,  Америка ахада Џьо Баидени Европа аҧхьагылара змоу аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи реиҿцәажәараҿы иаҵшьны иазәгаҭан аескалациеи аиадертә инциденти ашәарҭара хымҧада ишаҧырхтәу.

Аҭыжьымҭа адыррала,  НАТО анапхгара, зыҧшра ҟамҵакәа зхархәара ҟало 1400 аиадертә артҟәыцгахқәа еиқәыршәаны ирыман.