Испаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара Испаниа аминистрцәа реилазаара аӡбара  ҕәҕәала ҳадгылеит
Испаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара Испаниа аминистрцәа реилазаара аӡбара  ҕәҕәала ҳадгылеит

«Ҳара  Испаниа аминистрцәа реилазаара  иацы ирыдыркылаз аӡбара ҕәҕәала ҳадгылеит», — иануп  Испаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, Испаниа даараӡа иаргәамҵуеит  атәылауаҩратә зинқәеи адезинформациатә кампаниеи аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа.

«Испаниа даараӡа иаргәамҵуеит  атәылауаҩратә зинқәеи адезинформациатә кампаниеи аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа.  Ҳара  Испаниа аминистрцәа реилазаара  иацы ирыдыркылаз аӡбара ҕәҕәала ҳадгылеит. Адезинформациа ҳдемократиақәа рзы шәарҭоуп, ҳара еснагь уи ҳаҿагылоит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Ҧхынҷкәын  17 рзы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Иракли Кобахиӡе 5 ҳәынҭқаррак ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Евроеидгыла ахеилак аҿы ақырҭуа жәлар ирыдгылаз 5 ҳәынҭқаррак ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Урҭ роуп Венгриеи, Словакиеи, Италиеи, Испаниеи,  Румынтәылеи. Дара Евроеидгыла ахеилак аҿы ақырҭуа жәлар ринтересқәа рыхьчон», — иҳәеит аҧыза-министр.