Ирина Верешук Қырҭтәылеи, Польшеи, Прибалтикеи рахь ааҧхьара ҟалҵеит ҟрымтәи ататарцәа амобилизациа ацәцареи ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа рахь аиасреи аҿы ирыцхраарц
Ирина Верешук Қырҭтәылеи, Польшеи, Прибалтикеи рахь ааҧхьара ҟалҵеит ҟрымтәи ататарцәа амобилизациа ацәцареи ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа рахь аиасреи аҿы ирыцхраарц

 

Аамҭала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рреинтеграциа азҵаарақәа рзы авице-аҧыза Ирина Верешук Польшеи, Латвиеи, Естониеи, Литвеи, Қырҭтәылеи рнапхгара дрыҳәеит  ҟрымтәи ататарцәа аҳәаа ахысраҿы ирыцхраарц. Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Ирина Верешук ари атәы илҩит асоциалтә аҳаҿы.

Лара лажәақәа рыла,  ампыҵахалаҩцәа Ҟрым закәандарала амобилизациа иалагеит, ҟрымтәи ататарцәеи Ҟрым иқәынхо егьырҭ амилаҭқәеи ампыҵахалаҩцәа ирыдгыланы еибашьырц ирыдарцалоит.

«Лабҿаба иубарҭоуп абри аҩыза ахымҩаҧгашьа агеноцид аҟазшьа шамоу. Ҟрым иашьагәыҭу ауааҧсыра изларылшо ала амобилизациа иацәцар рҭахуп. Польшеи, Латвиеи, Естониеи, Литвеи, Қырҭтәылеи  анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ари азҵаара рыхшыҩ азырышьҭырц, ҟрымтәи ататарцәа амобилизациа ацәцареи ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа рахь аиасреи аҿы ирыцхраарц», – заявила Верещук.