Иракли Ӷарибашвили Узбекистан аԥыза-министр Аҷараҿ дидикылеит

18:12, 18.07.2023

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Узбекистан аԥыза-министр Абдулла Арипов Аҷараҿ дидикылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Узбекистан аԥыза-минитр иаҳаҭыр азы имҩаԥган аусуратә шьыбжьхьа, уа аԥыза-министрцәа ҩтәылак ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи аусеицура наҟ-наҟтәи аперспективақәеи ирыхәаԥшит.

Узбекистан аԥыза-министр Қырҭтәылаҿ ивизит иахьа ихыркәшеит. Иракли Ӷарибашвили Абдулла Арипов Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә днскьеигеит.

Еиԥшу