Иракли Ӷарибашвили визитла Казахстан даҭааит

14:24, 01.08.2023

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Пекин аҟынтә визитла Казахстан ддәықәлеит. Алматы жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ аԥыза-министр иԥылара ацеремониа  мҩаԥган.

Иракли Ӷарибашвили Алматы жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Казахстан Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ермухтар Конуспаеви, Алматы ахада инапынҵақәа назыгӡо Алишер Абдикадырови, Казахстан ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәылаҿ Малик Мурзалини, Казахстан аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Николоз Лалиашвилии иԥылеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҳабыра рнапхгаҩы Казахстан аԥыза-министр Алихан Смаилов диԥылеит.

Еиԥшу